Акампаниа “Ҳабжьы Европа иаҳҭоит” аҳәаақәа ирҭагӡаны, Саломе Зурабишвили Евроеидгыла инхо ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа рҟны ателеацҳа мҩаԥылгеит
Акампаниа “Ҳабжьы Европа иаҳҭоит” аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла ахада Саломе Зурабишвили Евроеидгыла инхо ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа рҟны ателеацҳа мҩаԥылгеит.
Ахада лпрессмаҵзура аинформациала, аиԥылара Қырҭтәыла ахада ладминистрациа аиҳабы Наҭиа Сулава аалыртын, аҳәаанырцә еиуеиԥшым ақалақьқәа рҿы инхо ақырҭуа диаспора ахаҭарнакцәа аиԥылареи Евроинтеграциа апроцесси рҽалархәреи рзы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.
Қырҭтәыла ахада ишазгәалҭаз, анапынҵақәа европатәи акампаниа Европа зҭаху ақырҭуа цыԥхьаӡа идҳәалоуп.
“Ԥхынҷкәын 13 рзы, ҩымш-хымш рышьҭахь иаҳҭаауеит ԥхынҷкәын 14-15 рзы аӡбара здызкыло Евроеидгыла иалоу атәылақәа рдипкорпус ахаҭарнакцәа зегьы, урҭ [акампаниа аҳәаақәа ирҭагӡаны] еизгаз анапынҵамҭақәа ирсырбоит, ирысҭоит. АРи ауснагӡатә рхы аладырхәоит Қырҭтәыла анапхгара рхаҭарнакцәа – иахьатәии ԥыхьатәи, урҭ шаауа даара сақәгәыӷуеит, ааԥхьарақәа рымоуп. Ари Европахь амҩаҿ аманшәаларазы иахьа иаҳҭаху адеолиаризациоуп, аконсенсус ауп”, -иләҳеит Зурабишвили.