Акьыба ачымазара змоу ауааҧсыра зегьы, рхашәала иахьыҧшымкәа,  аҽыхәшәтәразы еиҟараны  алшарақәа рзеиқәыршәазаауеит
Акьыба ачымазара змоу ауааҧсыра зегьы, рхашәала иахьыҧшымкәа,  аҽыхәшәтәразы еиҟараны  алшарақәа рзеиқәыршәазаауеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала аиҳабыра реилатәара мҩаҧган.

Аиҳабыра алахәылацәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 15 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.

Аилатәараҿы изхәаҧшыз апроект инақәыршәаны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа рзы аонкологиатә хирургиеи, апланла иазҧхьагәаҭоу, иара убас, хырҧашьа змам аоперациақәеи, атәыла зехьынџьара  аҧара рзоурыжьҭуеит (абиуџьеттә аҧарала аҧгаҧса змоу ауааҧсыра рыда). Иара убас, урҭ иреиуп аҧгаҧса змоу аветеранцәеи шықәсыкала 40 000 лари еиҳаны ахашәала змоу апациентцәеи. .

Иара убас, аиҳабыра рыӡбарала, сынтәа нанҳәа инаркны, акьыба ачымазара змоу апациентцәа, атәыла зехьынџьара, агормонатерапиеи, ахимиатерапиеи, ашәахәатә терапиеи, амедикаментқәеи рзы аҧара рзоурыжьҭуеит. Иахьа − Қырҭтәыла аиҳабыра ишьақәдырҕәҕәаз аҧсахрақәа инрықәырәшаны − атәылауаа зегьы, ахимиа/агормоно/ашәахәатә терапиеи, иара убас, амедикаментқәеи, аонкологиатә хирургиеи рзы еиҟараны аҧара рзоурыжьҭуеит.

Зыӡбахәы ҳәоу аӡбара абзоурала,  зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны, акьыба ачымазара змоу ауааҧсыра зегьы, рхашәала иахьыҧшымкәа,  аҽыхәшәтәразы еиҟараны  алшара рзеиқәыршәазаауеит.