Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи,
aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа рыхәшәтәразы арзаҳалқәа рыдкылара ашәахьа инаркны иалагоит. Аклиникақәеи аминистрреи аиқәшаҳаҭрақәа рнапхқәа аҵарҩхьеит.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа зегьы, аҳәынҭқарра аҧарала, адиагностика амҩаҧгареи аҽыхәышәтәреи рылшоит Қырҭтәылеи, иара убас, Ҭырқәтәылеи, Израили, Испаниеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы.
Заанаҵы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа рышьаҭала, аҳәаанырцә ахәыҷқәа рхәышәтәразы иалхуп ҳаамҭазтәи астандартқәа ирышьашәалоу, жәларбжьаратәи акредитациа змоу, зтехнологиа ҳараку аклиникақәа, урҭ рҿы, қәыҧшыларак аҿы, амедицинатә сервисқәа зегьы еиҿкаауп. Апроект аҳәаақәа ирҭагӡаны, апациентцәа, зхаҭабзиара ҳараку, ҳаамҭазтәи амедицинатә маҵзура роур рылшоит, апротонотерапиагьы уахь иналаҵаны, уи акьыба ачымазара ахәшәтәразы иҿыцӡоу ҳаамҭазтәи технологиоуп.