Акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа аҳәаанырцә рхәышәтәра апрограммеи апартниор клиникақәеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит
Акьыба ачымазара адиагноз змоу 18 шықәсанӡа ахәыҷқәа аҳәаанырцә рхәышәтәра апрограммеи апартниор клиникақәеи аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Апрограмма апартниор клиникақәа роуп – Ҭырқәтәыла “Анадлоу амедицинатә центр”, Израиль “Ихилов имедицинатә центр”, Испаниа – “Хирон Салуд имедицинатә центр”. Апакет ала иазыԥхьагәаҭоуп адиагностикеи астандартә хәышәтәра акурси: ахимиотерапиа, амрахәагатә терапиа, аоперациа.
Апрограмма иахылаԥшуеит “Адгылара афонд”. Апрограмма иазкны ҵыԥх, 2022 шықәса ԥхынҷәын азы аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили.
Қырҭтәыла аиҳабыра рыӡбара ала, акьыба ачымазара адиагноз змоу ахәыҷқәа зегьы, аҳәынҭқарра аҧарала, адиагностика амҩаҧгареи аҽыхәышәтәреи рылшоит Қырҭтәылеи, иара убас, Ҭырқәтәылеи, Израили, Испаниеи иреиҕьу аклиникақәа рҿы.