АИХқәа рдыррақәа рыла, ирантәи ақалақь Керман иҟалаз ақәларазы гәҩарас ирымоу ауаа аанкылоуп
АИХқәа рдыррақәа рыла, ирантәи ақалақь Керман иҟалаз ақәларазы гәҩарас ирымоу ауаа аанкылоуп

Ирантәи ақалақь Керман иҟалаз ақәларазы гәҩарас ирымоу ауаа аанкылоуп.

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр  Ахмад Вахид, иҳәамҭала, иаанкылоу ауаа ақәлара ма уи адгылара рхарарҵоит. Уажазы аминистр уаҳа акгьы имҳәеит.

Исламтәи ареволиуциа ирантәи акорпус анапхгаҩы Сулеимани инышәынҭраҿы иҟалаз ақәлараан иҭахеит  103ҩык,  188ҩык инареиҳаны ахәрақәа роуит.