Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина аганахьала зымҽхак ҭбаау аракетатә жәылара мҩаԥысуеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина аганахьала зымҽхак ҭбаау аракетатә жәылара мҩаԥысуеит

Аихқәа ишаарыцҳаз, Украина аганахьала зымҽхак ҭбаау аракетатә жәылара мҩаԥысуеит, Киев аԥжәарақәа рыбжьы гоит, – ари атәы аарыцҳаит украинатәи аихқәа.

Киев ақалақьтә администрациа аинформациа ала, аҳауахьчаҩцәа Киев ажәҩан аҿы урыстәылатәи ракетақәак карыжьит.

Киев ауааԥсыра егьырҭ арегионқәа рҟынтә аԥжәарабжьы раҳауеит. Ашаҳаҭцәа аҳауахьчаратә системақәа аус шыруо аарыцҳауеит

Украинатәи аихқәа рдыррақәа рыла, аҳауантә аракетатә жәылаар нагӡоит Винницатәи аокруг ахырхарҭала, абомбақәа рыларыжьуеит Черниговтәи аокруг. Чернигов аганахьала имҩаԥгаз аҳауатә жәылараан икажьын џьамтәылатәи камикаӡе апилот дызмам аппарат.