Аихқәа ишаарыцҳаз, Владимир Путин Ереван даҭааит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Владимир Путин Ереван даҭааит

Урыстәыла ахада Владимир Путин Ереван даҭааит. Путин Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаара Аколлективтә шәарҭадара ахеилак асессиа ихы алаирхәоит. Ари асессиа дахагылоит Шәамахьтәыла аԥыза-министр Никол Ԥашиниан.

Аҳаирбаӷәазаҿ Урыстәыла ахада Шәамахьтәыла аиҳабыра рнапхгаҩы диԥылеит.

Абҵара 23 рзы Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаара асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны апланқәа ирылоуп Владимир Путини Никол Ԥашиниани реиԥылара. Асессиа рхы аладырхәоит Шәамахьтәылеи Урыстәылеи, Беларуси, Казахстани, Кыргызиеи, Таџьикистани рлидерцәа. Асаммит алахәылацәа жәларбжьаратәии арегионтәи шәаҭадара иактуалу азҵаарақәеи Аколлективтә шәарҭадара аиқәшаҳаҭразы аиҿкаара аусзуреи ашьаҭатәи алҵшәақәеи ирыхәаԥшуеит.