Аихқәа ишаарыцҳаз, Шарифтәи ауниверситет аԥхьа џьамтәылатәи аполициеи астудентцәеи еиҿагылеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Шарифтәи ауниверситет аԥхьа џьамтәылатәи аполициеи астудентцәеи еиҿагылеит

Шарифтәи ауниверситет аԥхьа џьамтәылатәи аполициеи астудентцәеи еиҿагылеит, – ари атәы аанацҳаит “Роитер”. Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, астудентцәа дәылҵит 22 шықәса зхыҵуаз Маҳса Амин лышьра амзызла.

Мраҭашәаратәи аихқәа рдыррақәа рыла, Шарифтәи ауниверситет иакәыршаны аполициа ахаҭарнакцәа гылоуп, Џьамтәыла ашәарҭадаратә мчқәа астудентцәа ркампус ахь алаӷырӡаагага агаз рышьҭит. Иаанкылоуп гәыԥҩык астудентцәа.

Џьамтәыла қалақьқәак рҿы аҿагыларатә акциақәа мҩаԥган. Аҵыхәтәантәи ҩымчыбжь ирылагӡаны Џьамтәыла имҩаԥысуа акциақәа рҿы иҭахеит 133-ҩык.