Аихқәа ишаарыцҳаз, Лиетувеи Латвиеи еимыздо агазмҩангагаҿ атҟәацра ҟалеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Лиетувеи Латвиеи еимыздо агазмҩангагаҿ атҟәацра ҟалеит

Аихқәа ишаарыцҳаз, Лиетувеи Латвиеи еимыздо агазмҩангагаҿ, Лиетува аҵакыраҿ атҟәацра ҟалеит. Ари атәы аанацҳаит “Еврониус”.

Лиетуватәи агаз аиагаратә аоператор “Амбер грид” аинформациала, агазмҩангагаҿ  ажәылара ҟалеит ҳәа ашаҳаҭгақәа иҟам. Агаз амҩангара аанкылоуп.

Иҭахази ахәрақәа заузи ирызкны адыррақәа иҟам.

“Ҳгәы шаанаго ала, аҭыԥ аман атехникатә аиқәымшәара. Амҩангага 40 шықәса ахыҵуеит, сгәы шаанаго ала атехнологиатә проблемоуп. Егьырҭ аҭагылазаашьақәагьы ҳрызхәыцуеит, аха атехникатә гра ауп ҳәа ҳгәы иаанагоит. Уи аҭыԥқәҵара ҳалшоит. Уаҵәы, шьыжь инаркны апроцесс ҳалаганы, арҭ амшқәа рзы агазмҩангага аусура еиҭалашоит”, – иҳәеит Лиетува Акризисқәа рнапхгараҭара ацентр адиректор Вилмантас Виткаускас.