Аихқәа ишаарыцҳаз, "Ҳамас" Израиль ақәлараан 31 тәыла рҟынтә 100-ҩык атәымтәылауаа ҭахеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, "Ҳамас" Израиль ақәлараан 31 тәыла рҟынтә 100-ҩык атәымтәылауаа ҭахеит

Аихқәа ишаарыцҳаз, “Ҳамас” Израиль ақәлараан 31 тәыла рҟынтә 100-ҩык атәымтәылауаа ҭахеит , – аанацҳаит ВВС.

Зегь реиҳа ирацәаны ҭахеит ЕАШ атәылауаа – 27-ҩык, иара убас иҭахеит 24-ҩык таиландаа, 15-ҩык францызаа, 10-ҩык непалаа, бжьҩык аргентинаа, бжьҩык украинаа, ԥшь-ԥшьҩык аурысцәа, британаа, хҩы-хҩы австриаа, беларусаа, канадаа, китаиаа,филлипинаа, бразилиаа, ҩыџьа-ҩыџьа перуаа, румынаа, иара убас иҭахеит Австралиеи, Азербаиџьани, Камбоџьеи, Ирландиеи, Португалиеи, Испаниеи, Швеицариеи, Колумбиеи,Парагваи ртәылауаа.