Аихқәа ишаарыцҳаз, Авдеевкаҿ гәыԥҩык украинатәи аруаа ирытҟәеит
Аихқәа ишаарыцҳаз, Авдеевкаҿ гәыԥҩык украинатәи аруаа ирытҟәеит

Авдеевкаҿ аидысларақәа нагҳоит, ахаукраинаа ихьаҵуеит, – аанацҳаит ВВС аурыс бызшәала аус зуа абиуро.

ВВС аурыс бызшәала аус зуа абиуро аинформациала, аурыс ателеграм-канал ала аларҵәара зауз авидеонҵамҭақәа рҿы Урыстәыла абираҟқәа зку аурыс аруаа  Авдеевка агәҭаны еиҭаҵуеит.

Украина аоперативтә-стратегиатә гәыԥ “Тавриа” аиҳабы, абригадатә аинрал Александр Тарнавски иҟаиҵаз аҳәамҭала, Авдеевкаҿ аидыслара цәгьа нагӡоит, украинатәи арратә гәыԥқәа еилаҳаз апозициақәа рҟынтә шьҭахьҟа ицаны, апозициа ҿыцқәа рахь ииасуеит, аха гәыԥҩык аибашьцәа ирытҟәеит.

Тарнавски ишааицҳаз  ала, аҭыԥ ахь арезервқәа иаргоит, ахәрақәа зауз ревакуациа уадҩуп.