Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Украина аенергосистема аганахьала зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ажәылара мҩаԥнагеит, "Днепрогес" абомбақәа аларыжьит
Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Украина аенергосистема аганахьала зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ажәылара мҩаԥнагеит, "Днепрогес" абомбақәа аларыжьит

Аихқәа ишаарыцҳаз ала, Урыстәыла Украина аенергосистема аганахьала зегь реиҳа зымҽхак ҭбаау ажәылара мҩаԥнагеит, “Днепрогес” абомбақәа аларыжьит.

“Укренерго” ахантәаҩы Владимер Кудрицуи иҟаиҵаз аҳәамҭала, атәыла амасштабла урыстәылатәи ажәыларақәа аенергообиектқәа рхырхарҭала мҩаԥган.

Владимир Кудрица ишааицҳаз ала, “Днепрогес” аԥхасҭа ду аиуит, аобиект аексплуатациа иазку адыррақәа ԥыҭраамҭак ашьҭахь аладырҵәоит.

“Укренерго” ахантәаҩы ишазгәеиҭаз ала, аӡкыра аилаҳара ашәарҭа иазку адыррақәа макьана имам.

Аҵыхәтәантәи 24 сааҭ ирылагӡаны, урыстәылатәи абџьармчқәа Украина ахырхарҭала 63 иреиҳаны “шаҳед” атип змоу аԥырҩы дызам адронқәеи 90 еиуеиԥшым аракетақәеи 12 абаллистикатә ракетақәеи рышьҭит.