Аихқәа ишаарыцаз ала, Израильтәи атанкқәа Газа ақалақь азааигәахан, араԥтәи анклав аҩадахьалеи аладахьалеи иҟоу аҵакырадгьылқәа еимыздо ацентртә амҩаду адыркит
Аихқәа ишаарыцаз ала, Израильтәи атанкқәа Газа ақалақь азааигәахан, араԥтәи анклав аҩадахьалеи аладахьалеи иҟоу аҵакырадгьылқәа еимыздо ацентртә амҩаду адыркит

Израильтәи атанкқәа Газа ақалақь азааигәахан, араԥтәи анклав аҩадахьалеи аладахьалеи иҟоу аҵакырадгьылқәа еимыздо ацентртә амҩаду адыркит.

Аихқәа ишаарыцҳаз, ашаҳаҭцәа ражәақәа рыла, атанкқәа Заитунтәи араион аҟны ирбеит, урҭ амашьынақәа иреихсуан.

Аларҵәара зауз адыррақәа рыла, Израильтәи аруааи аҭыԥантәи арратә гәыԥқәеи рыбжьара бџьаршьҭыхлатәи аинтенсивтә ақәԥара мҩаԥысуеит.  Палестинатәи ахыҵхырҭақәа “Аль Џьазира” ахь ишаарыцҳаз, израильтәи атанкқәа Газа асектор ҩбаны иршеит.