Аих аинформациа ала, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылараҿ Асоветтә Еидгыла иалаз атәылақәа рсуверенитет азхамара иазкны Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа апротест азырур ҟалап
Аих аинформациа ала, Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылараҿ Асоветтә Еидгыла иалаз атәылақәа рсуверенитет азхамара иазкны Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа апротест азырур ҟалап

Асоветтә Еидгыла иалаз атәылақәа рсуверенитет азхамара иазкны Франциа иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭа Евроеидгылаҿ акритика азыруит. Франциа Адәныҟатәи аусқәа рмиинистр иҟаиҵаз аҳәамҭаҿ ишану, китаитәи адипломат иҳәамҭа игәыԥжәагоуп.

Франциа адипломатиатә усҳәарҭа Китаи ахь ааԥхьара ҟанаҵеит Китаи ацҳаражәҳәаҩ иҳәамҭақәа Пекин аофициалтә позициа аадырԥшуа аадмырԥшуа.

Мраҭашәаратәи аихқәа ишаарыцҳаз, мшаԥы 24 рзы имҩаԥысран иҟоу Евроеидгыла адәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥылараҿ, мрагыларатәи Европа атәылақәа апротест аадырԥшуеит.

Франциатәи ателехәаԥшра LCI аинтервиу аҽы Франциа иҟоу Китаи ацҳаражәҳәаҩ Лиу Шаие иҟаиҵаз аҳәамҭала, Асоветтә Еидгыла аилаҳара ашьҭахь ицәырҵыз атәылақәа”Жәларбжьаратәи азин инақәыршәаны, иеффекту астатус рымаӡам, избан акәзар урҭ исуверену амилаҭқәа рстатус шьақәзырӷәӷәо аиқәшаҳаҭра иҟаӡам” ҳәа.