АИХ адыррақәа рыла, Урыстәыла ала импыҵахалоу Донецк ахәра цәгьа иоуит  «Роскосмос» ҧасатәи анапхгаҩы Дмитри Рогозин
АИХ адыррақәа рыла, Урыстәыла ала импыҵахалоу Донецк ахәра цәгьа иоуит  «Роскосмос» ҧасатәи анапхгаҩы Дмитри Рогозин

Урыстәыла ала импыҵахалоу Донецк ахәра цәгьа иоуит  «Роскосмос» ҧасатәи анапхгаҩы Дмитри Рогозин.

«Рогозин хар имамкәа дыҟоуп. Аҳақьымцәа ишырҳәаз ала, ибҕашшара иақәшәаз ахыҧҽыха аҭыгара ҟалом», — иҳәеит Рогозин ицхырааҩ.

Рогозин, абҵара инаркны,  Донбасстәи асепаратисттә гәыҧқәа арратә-техникатә ганахьа еиқәзыршәо арратә абжьагаҩцәа ргәыҧ  «Аҳратә абгақәа» анапхгара азиуан. Иара ахәра иоуит Донецк  иҟоу ресторанк алахысра аан,  уаҟа Рогозин имшиира азгәеиҭон.

Рогозин идагьы уааҵәҟьа ахәра иоуит ДЖәР   «аҧыза-министр»  Витали Хоценко.