АИХ адыррақәа рыла, Петр Порошенко иитәу акондитертә еилахәыра Евроеидгылашҟа аҭаҭын аконтрабанда иалахәызар ҟалап
АИХ адыррақәа рыла, Петр Порошенко иитәу акондитертә еилахәыра Евроеидгылашҟа аҭаҭын аконтрабанда иалахәызар ҟалап

Украина ҧасатәи ахада Петр Порошенко итәу акондитертә еилахәыра Евроеидгылашҟа аҭаҭын аконтрабанда иалахәызар ҟалап. Ари атәы иануп украинатәи АИХқәа иаладырҵәаз  ажурналисттә аусеилыргара алҵшәақәа рҿы.

Ажурналистцәа рдыррақәа рыла, ари аусаҿ миллионла евро рыхә аконтрабанда ауп излацәажәо. Лымкаала, румынтәылатәи ахазалхҩцәа иаартны ари апроблема иалацәажәоит. Дара ишырҳәаз ала,  Румынтәылаҟа аҭаҭын аларгалоит  акондитертә аалыҵ иацны, атауар мҩаныргоит Петр Порошенко итәу аилахәыра «Рошен» аидаратә машьынақәа рыла.

Румынтәылатәи ахазалхыҩцәа ишырыҧхьаӡаз ала,  зыӡбахәы ҳәоу аконтрабандазы ишәам акцизтә ашәахтә мацара   1 миллион евро иаҟароуп.

Украина ҧасатәи ахада ари афакт иадҳәаланы макьана аилыркаарақәа ҟаимҵацт.