АИХ адыррақәа рыла, азербаиџьантәи аган Шәамахьтәыла иарҭеит  2021 шықәсазы иаанкылаз 8ҩык аруаа
АИХ адыррақәа рыла, азербаиџьантәи аган Шәамахьтәыла иарҭеит  2021 шықәсазы иаанкылаз 8ҩык аруаа

АИХ адыррақәа рыла, азербаиџьантәи аган Шәамахьтәыла иарҭеит  2021 шықәсазы иаанкылаз 8ҩык аруаа. Азербаиџьантәи амедиа ари аинформаци аланарҵәеит Арратә атҟәацәеи хабарда ибжьаӡыз ауааҧсыреи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә комиссиа адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

АИХ адыррақәа рыла, Шәамахьтәыла иарҭаз аруаа аанкылан  2021 шықәса абҵара 16 рзы, Азербаиџьан аҳәынҭқарратә аҳәаа кальбаџьартәи ацыҧҵәара ахысраан.

Азербаиџьантәи амедиа адыррқәа рыла, уи ацынхәрас, шәамахьтәылатәи аган Азербаиџьан аинформациа арҭароуп азербаиџьантәи аруааи, аҭынчуааи, урҭ анышә иахьамоу аҭыҧқәеи рзы.

Шәамахьтәылатәи амедиа адыррақәа рыла, Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра атҟәацәа рырхынҳәра афакт шьақәрҕәҕәаны, идырхынҳәыз аруаа рыхьӡқәа аргамартәит. Шәамахьтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, 8ҩык ашәамахь аруаа рыҧсадгьылахь ихынҳәит Франциа ахада Еммануель Макрони Европатәи Ахеилак ахантәаҩы Шарль Мишели рыбжьацәажәара ала.