АИХ адыррақәа рыла, америкатә сенаторцәа Џьо Баиден идаргалеит Урыстәыла аанкылара иазку астратегиа
АИХ адыррақәа рыла, америкатә сенаторцәа Џьо Баиден идаргалеит Урыстәыла аанкылара иазку астратегиа

АИХ адыррақәа рыла, америкатә сенаторцәа Џьо Баиден идаргалеит Урыстәыла аанкылара иазку астратегиа. Украинатәи АИХ ари аинформациа аладырҵәеит  The Washington Post адырра шьаҭас иҟаҵаны.

АИХ адыррақәа рыла, америкатә сенаторцәа  Џьин Шаҳини Роб Портмани ахада Џьо Баиден идаргалеит 4 пункту рыла ишьақәгылоу астратегиа. Урыстәыла аанкылара иазку астратегиа ала иазҧхьагәаҭоуп аекономикатәии арратәии уснагӡатәқәа.

Адокумент ҿыц инақәыршәаны, америкатә аган Украина абџьар ала аиқәыршәара апроцесс иаҳа идырҭбаароуп, иара убас, имҩаҧысраны иҟоу аиҿцәажәарақәа раҧхьа Урыстәыла аҳәара азықәдыргылароуп украинатәи аҳәаа инаваршәны игылоуп урыстәылатәи арбџьармчқәа алыргарц.

Иара убас, астратегиа ишану ала, Америка Германтәыла аиҳабыра рҟны аусеицура нанагӡароуп агазмангага  «Аҩадатәи апоток -2»  аус арура иаҿагылареи   апартниорцәа рҟны жәларбжьаратәи акаолициа аҧҵареи азы.

Убри адагьы, асенатор  Роџьер Викер Америка ахада радминистрациа рахь ааҧхьара ҟаиҵеит Владимир Путин иҿаҧхьа ицәхьамҵкәа, Урыстәыла ахада изааигәоу ауааҧсыра асанкциақәа рзышьақәдыргылару.