Аиуристтә комитет аконституциа иалалараны иҟоу аԥсахрақәа актәи аԥхьарала аднакылеит
Аиуристтә комитет аконституциа иалалараны иҟоу аԥсахрақәа актәи аԥхьарала аднакылеит

Апарламент аиуристтә комитет аконституциа иалалараны иҟоу аԥсахрақәа актәи аԥхьарала аднакылеи. Абжьыҭира минуҭқәак раԥхьа ихыркәшан. Апроект иадгылеит 13-ҩык адепутатцәа, урҭ иреиуоуп аоппозициа ахаҭарнакцәа. Абжьыҭира далахәымызт Шалва Шавгулиӡе. Уаҵәы аконституциа иалалараны иҟоу аԥсахрақәа рпроетк актәи аԥхьара апленартә еилатәараҿ мҩаԥгахоит.

Аԥсахрақәа рыдкыларазы 113-ҩык адепутатцәа рыбжьы аҭахуп. “Ақырҭуа гәахәтәы” апарламент аҿы 84-ҩык адепутатцәа рыла аарԥшуп, убри аҟынтә аԥсахрақәа рпроект адкыларазы аоппозициаа рыбжьгьы аҭахуп.