Air Arabia Abu Dhabi Қырҭтәыла ахырхарҭала ареисқәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит
Air Arabia Abu Dhabi Қырҭтәыла ахырхарҭала ареисқәа рхыԥхьаӡара иацнаҵоит

Авиаеилахәыра Air Arabia Abu Dhabi Қырҭтәыла ахырхарҭала ареисқәа рхыԥхьаӡара ацнаҵоит.

Нанҳәазы Abu Dhabi  Қарҭтәи Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза ахырхарҭала мчыбжьык ахь аа-реиск имҩаԥысуан, аԥшьашазы Air Arabia ареисқәа мышкы ахь ҩынтә мҩаԥнагоит.

2025 шықәса актәи бжьымз рзы иҟоу адыррақәа рыла, Абу-Даби-Қарҭ-Абу-Даби амаршрут рхы иадырхәит 50 нызқьҩык иреиҳаны апассаџьырцәа.