Аинрал Марк Милли ишааицҳаз, Урыстәыла Украина иалагаз аибашьра, аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит
Аинрал Марк Милли ишааицҳаз, Урыстәыла Украина иалагаз аибашьра, аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит

ЕАШ еидҵоу аштабқәа реиҳаьы, аинрал Марк Милли ишааицҳаз, сынтәа Украинантә Урыстәыла алцра иуадаҩхоит. Ари атәы аинрал Германтәыла, Рамштаин аҳауатә базаҿ имҩаԥгаз аиԥылара ашьҭахь ааицҳаи.

Аинрал иажәақәа рыла, Украина аҵакырадгьыл аҟынтә аурыс аруаа аибашьра амҩала рдәылцра даара иуадаҩуп, ури азы афронт иҭышәынтәалахароуп.

CNN аинформациала, Милли даҽазнык иазгәеиҭеит Урыстәыла Украина иалагаз аибашьра, аиҿцәажәарақәа рыла ихыркәшахоит ҳәа.

Агентра “Роитер” адырақәа рыла, ЕАШ ачинҳаракҩы ажурналистцәа ишраиҳәаз, Пентагон Украина абжьанагоит апартниорцәа рҟынтә иашьашәалоу атехника аиуаанӡа, аконтржәылара аамҭала ахырԥарц.