Аиҳабыра рыӡбарала, афинанстә уал амзызла зыстатус аанкылоу астудентцәа руалқәха аԥыххоит
Аиҳабыра рыӡбарала, афинанстә уал амзызла зыстатус аанкылоу астудентцәа руалқәха аԥыххоит

Афинанстә уал амзызла зыстатус аанкылоу астудентцәа руалқәха аԥыххоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Ӷарибашвили иахьа имҩаԥысыз аиҳабыра реилатәараҿы.

Ӷарибашвили иажәақәа рыла 30000-ҩык астудентцәа 40 миллион лари ауалқәха рымоуп.

“Ҳра хзы  астудентцәа рҵара аҵк ду амоуп. Ари аганахьала иҟоу апроблема сазааҭгылар сҭахуп.  Астудентцәа рацәаны рстатус аанкылоуп. Аҵара аминистрраҟынтә ари иадҳәаланы аинформациа соуит. 30000-ҩык рҟынҿа астудентцәа ауалқәха ахьрымоу аҟынтә, рстатус аанылоуп. Убри аҟынтә исыдыскылаз аӡбара инақәыршәаны, афинанстә уал амзызла зыстатус аанкылоу астудентцәа руалқәха аԥыххоит, аҵара анагӡара зҭаху астудентцәа аҵара анагӡара рылшоит. Ауалқәха 40 миллион лари иаҟароуп”, – иәҳеит Ӷарибашвили.