Аиҳабыра аӡабарала, аҳақьымцәа рминималтә улафахәы 1260 лари, амедиеҳәшьцәа рулафахәы 792 лари иаҟарахоит
Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили иҟаиҵаз аҳәамҭала, иахьа имҩаԥгаз аиҳабыра реилатәара аҿы аҳақьымцәеи амедиеҳәшьцәеи аминималтә рулафахәы иҳәаақәҵан.
Аиҳабыра рыӡара ала, Зураб Азарашвили ишааицҳаз, аҳақьымцәа аминималтә рулафахәы 1260 лари, амедиеҳәшьцәа рминисмалтә улафахәы 792 лари иаҟарахоит.
“Ихадоу аӡбара ҳадаҳкылеит, уи аҳақьымцәеи амедиеҳәшьцәеи аминималтә рулафахәы иазкуп. Аҳақьымцәа аминималтә рулафахәы 1260 лари, амедиеҳәшьцәа рминисмалтә улафахәы 792 лари иаҟарахоит. Ари иазкны уаанӡа аҳәамҭақәа аныҟаҳҵаз, аспекулиациатә ҳәамҭақәа рацәаны ҟаҵахьан, аиахьа иҳадаҳкылаз аӡбара ала лабҿаба иубарҭоуп ҳажәа шынаҳагӡаз”, – иҳәеит Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистр Зураб Азарашвили.