Қырҭтәыла аԥыза-министр инапхгарала, Аиҳабыра радминистрациаҿ Аекономикатә хеилак аилатәара мҩаԥган.
Аԥыза-министр ипрессмаҵзура аинформациа ала, ахеилак алахәылацәа 2024 шықәсатәи абиуџьет апроект ирҽеиу аверсиала иазыԥхьагәаҭоуп априоритеттә хырхарҭақәа ирыхәаԥшит.
“Абиуџьет априоритетқәа ирызку адыррақәа ахеилак алахәылацәа рыдигалеит Афинансқәа рминистр Лаша Хуцишвили. Ишазгәаҭаз, 2024 шықәсатәи абиуџьет ала иазҳауеит асоциалтә программақәа рфинансркра, арҵаҩцәеи аҳәынҭқарратә сектори рҿы аус зуа ахаҿқә рулафахәы.
Иара убас, аилатәараҿ абиуџьет анагӡареи 2024 шықәсазы апроект ҿыцқәеи аекономикатә инновациақәеи рыхцәажәеит“, – иануп информациа аҿы.