Аиҳабыра радминистрациа адыррала, Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан азарал зауз ауааҧсыреи, иҭахази хабарда ибжьаӡызи ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәеи зквалификациа ҳараку апсихологиатә цхыраара роуеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили инапхгарала, аиҳабыра радминистрациаҿы аиҳабыра реилатәара мҩаҧган. Аминистрцәа амш аусхәаҧштә ала иазҧхьагәаҭаз 23 зҵаарақәа ирыхәаҧшит.
Аиҳабыра радминистрациа апресс-маҵзура адыррала, изхәаҧшыз азҵаарақәа иреиун Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроект, уи ашьаҭала, Шови иҟалаз аҧсабаратә рыцҳараан азарал зауз ауааҧсыреи, иҭахази хабарда ибжьаӡызи ауаа рҭаацәарақәа рылахәылацәеи зквалификациа ҳараку апсихологиатә цхыраара роуеит.
Агәабзиарахьчара аминистрра арҭ ауаа ирыднагало амаҵзурала иазҧхьагәаҭоуп апсихолог иконсультациақәеи апсихотератиа асеансқәеи. Иара убас, иаҭаххар, аҳақьым-психиатр иконсультациеи иара игәылиҩаауа ахәшәқәа рыхә ашәареи. Ауаа абри амаҵзура рхы иадырхәар рылшоит Қарҭи, иара убас, арегионқәа рҿгьы, иашьашәалоу асертификатқәа змоу ацентрқәеи амедицинатә усбарҭақәеи рҿы.
«Иара убас, аиҳабыра алахәылацәа, аӡиас Илто аҿы аирригациатә аӡеизакырҭа аргылара иазку Қырҭтәыла аиҳабыра рықәҵара апроектгьы иахәаҧшит. Ақәҵара ашьаҭала, аҳәынҭқарра, Илто аӡеизакырҭа аргыларазы заанаҵы атехника-економикатә ашьаҭа ҭырҵаауеит. Илто аирригациатә аӡеизакырҭа аҭоурыхтә ҵакы амазаауеит. Илто аӡеизакырҭа аргылара атехника-економикатә ҵаҵгәыркра иаҵанакуеит аҧсабаратә лагылазааразы анырра иазку аҳасабырбагьы. Ари апроект абзоурала, аӡақәҭәаратә сезон аан аӡиас Алазани абассеин аҿы аӡы адефицит ахарҭәаареи, иара убас, Ҵаҟатәии Хыхьтәии Алазантәи аӡақәҭәаратә система 40 нызқь гектар аҵакырадгьыл иаҳа еиҕьны аӡыла аиқәыршәареи рылшоит», — иануп аинформациаҿы.