Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит
Аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аҳәаақәа ирҭагӡаны, Ергнеҭи иашьҭанеиуа аиԥылара мҩаԥысуеит.
Аиҧылараҿы аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны иҟалаз аинцидентқәа ирыхәаԥшуеит, лымкаала мышқәак раԥхьа иаанкылаз зықәра наӡамыз ахаҿқәа раанкылара азҵаара.
«Аиҧылараҿы зҵаара хаданы иқәгылоуп закәандарала иаанкылоу11-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа рхақәиҭтәра азҵаара. Ажьырныҳәа инаркны иахьанӡа ашәҟәы иҭагалоу анкыларақәа 23 рфакт. «Ҧасатәи аиҧылара инаркны иахьанӡа ампыҵахалатә режим ахаҭарнакцәа рыла закәандарала иаанкылан быжьҩык Қырҭтәыла атәылауаа. Иара убас, иахьатәи иԥылараҿ аиҟәшаратә цәаҳәа инаваршәны иҟалаз аинцидентқәеи азакәандаратә «бордеризациеи» ҳазааҭгылоит. Ҷыдала ҳазааҭгылоит аиҟәшаратә цәаҳәа иазааигәаны иҟалаз аинцидент – лымкаала мышқәак раԥхьа иаанкылаз зықәра наӡамыз ахаҿқәа раанкылара азҵаара», — иҳәеит Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура аналитикатә департамент адиректор ихаҭыҧуаҩ Иракли Анҭаӡе аиҧылара иалагаанӡа.