Аиҳабыра радминистарциа – Аиҳабыра аартызаара индекс ала, Қырҭтәыла 17-тәи аҭыԥ ааннакылеит

13:08, 26.06.2023

Европатәи антикоррупциатә ҭҵаарақәа рцентр (Антикоррупциеи аҳәынҭқарратә аиҭаҿиареи азы европатәи ацентр) ицәырнагеит аглобалтә аартызаара 2023 шықәсатәи аҳасабырба – „Аартызаара аибашьраан”. 2023 шықәсазы аартызаара аиндекс инақәыршәаны, Қырҭтәыла, иаалырҟьаны, 54-тәи аҭыҧ аҟынтәи, адунеи иреиҕьу ҩажәа ҳәынҭқарра рыгәҭа, 17-тәи аҭыҧ ааннакылеит.

Аартызаара адунеитә ареитинг аҿы Қырҭтәыла, Евроеидгыла иалоу 15 ҳәынҭқаррақәеи G7 иалахәы 4 ҳәынҭқарраки раҧхьа игылоуп, Финлиандиеи, Швециеи, Британиа Дуи ирывагылоуп.Ареитинг аҿы Қырҭтәыла Канадеи, Германтәылеи, Иапониеи, Италиеи, Швеицариеи, Ирландиеи, Исландиеи, Даниеи, Чехиеи, Португалиеи, Мальтеи, Австриеи, Польшеи, Венгриеи, Израили, Бырзентәылеи, Бельгиеи, Лиуқсембурги, Нидерланди, Австралиеи, Кипри, Аладатәи Кореиеи раҧхьа игылоуп.

Европа антикоррупциатә центр ицәырнагаз „Аҳәынҭқарра анамысра аиндекс” ишыҟаз еиҧш иаанахеит, Қырҭтәыла, 6,72 абаллқәа рыла, адунеиаҿ 32-тәи аҭыҧ ааннакылоит. Аҭҵаарақәа инрықәыршәаны, аҳәынҭқарратә сектор анамысра аиндекс ала, Қырҭтәыла,Мрагыларатә Европеи Ацентртә Азиеи арегионаҿ актәи аҭыҧ ааннакылоит, ҧасатәи асоветтә қәыҧшылараҿы Қырҭтәыла иаҧасит Естониа мацара, егьырҭ атәылақәа зегьы Қырҭтәыла ашьҭахь игылоуп.

Аҳасабырба еиқәыршәоуп ЕАРи, Адунеи абанки, Адунеизегьтәи аекономикатә форуми, егьырҭ жәларбжьаратәи иазхаҵоу асубиектқәеи, аглобалтә ахәшьараҭара аиҿкаарақәеи рыҭҵаарақәеи рыхәшьараҭареи ашьаҭала. Апроект мҩаҧгоуп Евроеидгыла Аҭҵаареи аҿиареи абыжьбатәи иҳәаақәҵоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны.

Еиԥшу