Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура - Атерористтә ацәгьоуразы имҩаԥысуаз аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥнагаз аоперативтә-аԥшааратәи аусԥшааратәи уснагӡатәқәа раан, ахымцабџьари аџьаԥҳаны изакәаным раахәара-рыҵәахра афакт азы Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит
Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәа атерористтә ацәгьоуразы имҩаԥысуаз аусԥшаара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥнагаз аоперативтә-аԥшааратәи аусԥшааратәи уснагӡатәқәа раан, ахымцабџьари аџьаԥҳаны изакәаным раахәара-рыҵәахра афакт азы Қырҭтәыла ҩыџьа атәылауаа ааныркылеит, – аарыцҳаит Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аҟынтә.
“Аоперациа ҷыда Баҭым ақалақь аҿы мҩаԥган. Иаанкылоу ахаҿқәа рыҩнқәа рҟны астоматтә хымцабџьари, аџьаԥҳани, атапанчақәеи, агранатақәеи, атерористтә аиҿкаара “Исламтәи аҳәынҭқарра” асимволикеи ԥшаан.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура Аконтртерористтә центр аусԥшаара хацнаркит Ашьауӷа закәан 236-тәии 328-тәии ахәҭаҷқәа рыла, ацәгьоуразы иазыԥҳьагәаҭоуп 3 шықәса инаркны 6 шықәсанӡа, ма 10 шықәса инаркны 17 шықәсанӡа аҭакра”, – иануп Қырҭтәыла Аҳәынҭқарратә шәарҭадаратә маҵзура аинформациа аҿы.