Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура аусеилыргаҩ  – Лаҧшылатәи агәаҭара инақәыршәаны,  Михаил Саакашвили ицәеижь аҿы аахақәа иҟам
Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура аусеилыргаҩ  – Лаҧшылатәи агәаҭара инақәыршәаны,  Михаил Саакашвили ицәеижь аҿы аахақәа иҟам

 

Қырҭтәыла ҧасатәи ахада Михаил Саакашвили Глдантәи амедицинатә усбарҭа № 18 аҿы аа-сааҭк еиҳаны иҿахәы иҿырхуан. Аҳәынҭқарратә инспектор имаҵзура аусеилыргаҩ Гьаргь Миқелаӡе иҳәамҭала, Михаил Саакашвили амедицинатә гәаҭара дахысит.

Миқелаӡе иҳәамҭала,  лаҧшылатәи агәаҭара инақәыршәаны Михаил Саакашвили ицәеижь аҿы ааха иҟам.  Иара иажәақәа рыла, амедицинатә експертиза мҩаҧысуеит. Аекспертиза алҵшәақәа аныҟало макьана идырым.