Аҳәынҭқарратә департамент – Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит мшаҧы 19тәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц, аиашаӡбара ареформа мҩаҧыргаанӡа Иреиҳаӡоу аӡбарахь аӡбаҩцәа рықәыргылара апроцесс ааныркыларц
Америка Қырҭтәыла апарламент ала Иреиҳаӡоу аӡбарахь фҩык аӡбаҩцәа ралхра афакт иаргәамҵуеит, уи анапхгаратә гәыҧи аоппозициеи мшаҧы 19 рзы ирыдыркылаз аиқәшаҳаҭра аилагароуп, — иануп Аҳәынҭқарратә департамент аҳәамҭаҿы.
«Ҳара Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟаҳҵоит мшаҧы 19тәи аиқәшаҳаҭра нарыгӡарц, аиашаӡбара ареформа мҩаҧыргаанӡа Иреиҳаӡоу аӡбарахь аӡбаҩцәа рықәыргылара апроцесс ааныркыларц. Қырҭтәыла аполитикатә лидерцәа ари азҵааразы еиқәшаҳаҭҳахьан. Қырҭтәыла анапхгара абри аҳәара нарымгӡар, ақырҭуа уаажәларреи жәларбжьртәи аиҩызареи Қырҭтәыла аиашаӡбарахь агәрагара рцәыӡуеит, уи Қырҭтәыла адемократиатә аҿиара иаҧырхагоуп.
Америка Қырҭтәыла аиҳабыра рахь ааҧхьара ҟанаҵоит адемократиатә принципқәеи азакәан аиҳаӡареи ирықәныҟәаны, Америкеи жәларбжьаратәи ауаажәларреи рҟны апартниорра дырҕәҕәарц», — иануп Аҳәынҭқарртә департамент аҳәамҭаҿы.