Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аҧара аиуеит иара иақәнагоу  апарламенттә мандатқәа зхы иазырхәо апартиа мацара
Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аҧара аиуеит иара иақәнагоу  апарламенттә мандатқәа зхы иазырхәо апартиа мацара

Аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аҧара аиуеит иара иақәнагоу  апарламенттә мандатқәа зхы иазырхәо апартиа мацара.  «Атәылауаа рполитикатә аидҵарақәа ирызку» азакәанпроект аҧсахрақәа алагалоуп.

Азакәанпроект ишану ала, мзызда апленартә аилатәарақәа бжьазыжьуа адепутатцәа излоу апартиақәа аҳәынҭқарратә биуџьет аҟынтә аҧара роуам.

Уи адагьы, азакәанпроект аҿы алхратә блокқәа рызҵаарагьы иазҧхьагәаҭоуп. Лымкаала, аҧсахрақәа инрықәыршәаны, аблок аҧҟаҧҵәа ала иҳәаақәҵоу аҧара аиуеит  аблоу иалоу,  апарламент аҿы амандатақәа зауз,  насгьы,  амандатқәа рыбжа еиҵамкәа зхы иазырхәа апартиа мацара.

Азакәанҧҵаратә инициативаҿы иазгәаҭоуп аҳәынҭқарратә финансыркра зыхәҭоу апартиақәа:

  1. «Ақырҭуа гәахәтәы — Адемократиатә Қырҭтәыла» — 5 140 020,00 лари;
  2. «Иаку амилаҭтә ҵысра» — 2 199 635,00 лари;
  3. «Аҵысра аҳәынҭқарра ажәлар рзы» — 240 000,00 лари;
  4. «Апрогресси ахақәиҭреи» — 12 000,00 лари;
  5. «Қырҭтәыла ареспубликатә партиа» — 204 000 лари;
  6. «Европатәи адемократцәа» — 460 000,00 лари;
  7. «Гьаргь Вашаӡе — Аҕмашенебели истратегиа» — 939 925,35 лари;
  8. «Азакәани аиашареи» — 104 436,15 лари;
  9. «Европатәи Қырҭтәыла — Ахақәиҭразы аҵысра» — 1 124 409,00 лари;
  10. «Лело Қырҭтәылазы» — 803 560,00 лари;
  11. «Қырҭтәыла апатриотцәа ралианс» — 1 043 120,00 лари;
  12. «Қырҭтәыла алеибористтә партиа» — 289 710,00 лари.