Ақырҭуа аҳәеилышьҩы Сандро Базаӡе раԥхьаӡа акәны адунеи дачемпионхеит.
Қырҭтәыла имҩаԥысыз Аҳәеилышьрaзы Адунеизегьтәи ачемпионат аҿы, 31 шықәса зхыҵуа Базаӡе 15:9 ҳәа афранцыз Жан-Филипп Патрис дииааит.
Сандро Базаӡе адунеи ачемпионат аҿы иигаз ари ахԥатәи амедаль ауп. 2022 ашықәсазы аџьазтә медаль иоуит, 2023 ашықәсазы – араӡнытә медаль. Иара убас, ақырҭуа аҳәеилышьҩы ҩынтә Европа дачемпиохеит.
Аҳәеилышьрaзы Адунеизегьтәи ачемпионат Қарҭ ақалақь ԥхынгәы 22 рзы иалагеит. Ишиашоу арепортажқәа – Актәи акнал аҿы.