Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра 4-нӡа Қырҭтәыла амш бзиахоит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра жәабран 29 инаркны хәажәкыра 1-3 аҟынӡа Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, хәажәкыра 4-нӡа Қырҭтәыла амш бзиахоит.
Мрагыларатә Қырҭтәылаҿ алышәшәақәа леиуам. Қарҭ +9, +11 градус ҧхаррахоит. Амшын аҟәара иаҧну ақалақьқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +20, +22 градус аҟынӡа.
Мраҭашәаратә Қырҭтәылаҿ +19, +21 градус ҧхаррахоит.