Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, уаҵәы инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа Қырҭтәыла зехьынџьара ҧхаррахоит
Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра абҵара 29 инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа атәылаҿ амш зеиҧшрахо иазкны аинформациа аланарҵәеит.
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, уаҵәы инаркны ҧхынҷкәын 3-нӡа Қырҭтәыла зехьынџьара ҧхаррахоит.
«Ҧхынҷкәын 1-3 рзы аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +23 градус аҟынӡа, алышәшәақәа леиуам.
Ҧхынҷкәын 1-3 рзы Қарҭ аҳауа атемпература шьҭыҵуеит +17, +19 градус аҟынӡа.
Аҟәара иаҧну араионқәа рҿы (Баҭым, Қобулеҭи, Анаклиа, Ҧуҭ) абҵара 30 рзы ақәа леиуеит, ҧхынҷкәын 1-3 алышәшәақәа леиуам, +21, +23 градус ҧхаррахоит», — иануп аинформациаҿы.