Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, рашәара  2-4 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы ҧхаррахоит, аха, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит 
Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, рашәара  2-4 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы ҧхаррахоит, аха, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит 

Аҧсабаратә лагылазаара амилаҭтә агентра рашәара 2-4 рзы Қырҭтәыла амш зеиҧшрахо азы аинформациа аланарҵәеит.

Аҳауагәаҭаҩцәа рдыррақәа рыла, рашәара  2-4 рзы Қырҭтәыла араионқәак рҿы ҧхаррахоит, аха, аамҭа-аамҭала ақәа ауеит.

Қарҭ, хәылбыҽхан,  аамҭа кьаҿк иалагӡаны,  ақәа ауеит. Шьыбжьон +23, +25 градус ҟалоит.

Аҟәара иаҧну арегионқәа рҿы ақәа ауеит,  аха,  нас,  амш еилгоит. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +20, +25 градус аҟынӡа.

Мраҭашәаратә Қырҭтәыла рашәара 2 рзы аамҭакьаҿла ақәа ауеит,  аха,  нас, амш еилгоит,  ҧхаррахоит. Шьыбжьон аҳауа атемпература шьҭыҵуеит  +24, +29 градус аҟынӡа.