Аҳасабырба инақәыршәаны, арегион аҿы миллионҩык ауааҧсыра рҟынтә COVID-19 амшала аҧсҭбара арбага зегьы раасҭа иҳаракуп Қырҭтәылаҿ
Ачымазарақәа рхылаҧшра амилаҭтә центр аҳасабырба инақәыршәаны, арегион аҿы миллионҩык ауааҧсыра рҟынтә COVID-19 амшала аҧсҭбара арбага зегьы раасҭа иҳаракуп Қырҭтәылаҿ.
Қырҭтәыла COVID-19 амшала аҧсҭбара арбага миллионҩык рзы 2399ҩык ираҟароуп. Ари атәы иануп Амилаҭтә центр асаит иану аҳасабырбаҿы.
Адокумент аҿы ишазгәаҭоу ала, зыӡбахәы ҳәоу аиндикатор инқәыршәаны, Азербаиџьани, Ҭырқәтәылеи, Шәамахьтәылеи уажәазы аковидҭагылазаашьа Қырҭтәыла аасҭа еиҕьуп.