Аҳақьым Елене Гиоргаӡе - Михаил Саакашвили иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп, уажәазы ауадаҩрақәа имам
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Ҕарибашвили иинициативала еиҿкааз амедицинатә консилиум иаәлахәы аҳақьым Елене Гиоргаӡе ишылҳәаз ала, Михаил Саакашвили игәабзиара аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп.
«Амлашьра аҟәыҵра аамышьҭахь зегьы раасҭа иуадаҩуп ҳәа иҧхьаӡоуп раҧхьатәи хымш, урҭ рышьҭахь иҵегьы ҩымш апациент хшыҩзышьҭра ҷыда изутәуп. Иахьа аҩбатәи мшуп. Шьыжь инаркны хәлаанӡа ахәышәтәырҭаҿ сыҟан. Иҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп. Иацы ишьақәыҕәҕәара шьҭыҵит. Иахьа ишьақәыҕәҕәара ҭышәынтәалоуп, ахәшә иҭарагьы аҭахымхеит. Апациент ибзианы дҳазныҟәоит. Ҳҳәатәы ҳаиҵоит, уи иаанаго рацәоуп, избанзар, апациент дузымӡырҩуазар, аҭагылазаашьа ариашара уадаҩуп», — илҳәеит Елене Гиоргаӡе.