Аҳаҧы иҭалаз ахәыҷқәа ирҩыз асалам шәҟәқәа
Аҳаҧы иҭалаз ахәыҷқәа ирҩыз асалам шәҟәқәа

Рашәара 23 рзы, ашьапылампыл азы ақәыԥшцәа ргәыҧ алахәылацәеи урҭ разыҟаҵаҩи рышьҭамҭа иӡит Таиланд. Дара аҳаԥы Тхам Луанг ианҭала ашьҭахь иаалырҟьан аӡы халеит.

12-ҩык ашколхәыҷқәа 10-мш рыҩныҵҟа Аԥшаара-еиқәырхаратә операциа алахәылацәа рыԥшаара иаҿын. Аҵыхәтәаны дара ахьыҟаз шьақәыргылан.

Аҳаԥы иҭахаз реиқәырхараз хатәгәаԥхарала инеиз, уаанӡатәи амшынарамаҵзуҩ Тхам Луанг аҳаԥы данҭыҵуаз дҭахеит.

“Иҭахаз аӡааҟәрылаҩ амшын аҟны аррамаҵзура дахысуан. Аоперациа хатәгәаԥхарала далахәын. Иара иакваланг аҟны аҳауазымхара иахҟьаны дҭахеит”, — иҳәеит акапитан Апхакон Иунгкео.

Таиланд аиҳабыра хаҭарнакцәа иазгәарҭеит аиқәырхаратә операциа анаҩсгьы ишацҵахо, ахәыҷқәа реиқәырхаразы ирылшо зегь шыҟаҵахо.   Урҭ хыхьҟа рхагаларазы аоперациа иалагараны иҟоуп.

 Аҳаҧы иҭалаз ахәыҷқәа рҭаацәа ирзырҩыз асалам шәҟәқәа аӡааҟәрылаҩцәа руаӡәы исоциалтә каҭа ала алаирҵәеит.