Агубернаторцәа ишарыцҳаз, Воронежтәи аобласт аҿы аоперативтә-ақәԥаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит
Агубернаторцәа ишарыцҳаз, Воронежтәи аобласт аҿы аоперативтә-ақәԥаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит

 Воронежтәи аобласт аҿы аоперативтә-ақәԥаратә уснагӡатәқәа мҩаԥысуеит. Ари ааицҳаит агубернаторцәа Александр Гусев.

Уи иажәақәа рыла, Воронежтәи аоласт аҿы аратә техника аколлонақәа еиҭаҵуеит ҳәа адырра адезинформациоуп.

ВВС-и “Роитери” рдыррақәа рыла, Воронеж аҟны арратә еилахәыра “Вагнер” аибашьцәа арратә обиект ааныркылеит. Аихҵәа аладырҵәза дыррақәа рыла, Ростови Воронежи рыбжьара иҟоу аиланхарҭа Верхний Мамон аҟны ахысбжьи аԥжәарабжьи гон.

“Вагнер” анапхгаҩы Евгени Пригожин иахьа иҟаиҵаз аҳәамҭала, Ростов ааныркылеит.