Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара covid-19 иазкны аглобалтә ҭагылазаашьа ҷыда ихыркәшеит ҳәа рыларҳәеит
Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара covid-19 иазкны аглобалтә ҭагылазаашьа ҷыда ихыркәшеит ҳәа рыларҳәеит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара covid-19 иазкны аглобалтә ҭагылазаашьа ҷыда ихыркәшеит ҳәа рыларҳәеит.

„Иацы аҭагылазаашьа ҷыдақәа ркомитет жәохәтәи аиԥылара маԥысын, арекомендациа рыдыркылеит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара covid-19 иазкны аглобалтә ҭагылазаашьа ҷыда ихыркәшеит ҳәа рыласҳәарц, – аицҳаит Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара анапхгаҩы Тедрос Аданом Гебреисус.

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аинформациала, афаза ҷыда ихыркәшеит, аха апандемиа макьана инагӡоит. Аҵыхәтәантәи дырақәа рыла, акоронавирус амзызла есымчыбжь зықьҩыла ауаа ԥсуеит

Агәабзиарахьчаразы адунеизегьтәи аиҿкаара аинформациала, апандемиаан рыԥсҭазаара иалҵит бжьмиллионҩык рҟынӡа.