Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Гьаргь Гахариа иахь  - Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара аидеиа анагӡареи акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ииашаны аизшареи азыҳәан имҩаҧыжәго аусура ахә сшьоит

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Аданом Гебеисус  Twitter аофициалтә даҟьаҿы Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи иареи реиҿцәажәара дахцәажәеит.

«Қырҭтәыла Аҧыза-министр  Гьаргь Гахариа  аиҿцәажәара бзиа азы ҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп.

Зегьирзеиҧшу агәабзиарахьчара аидеиа анагӡареи акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа ииашаны аизшареи азыҳәан имҩаҧыжәго аусура ахә сшьоит.

Апандемиа аҵыхәҧҵәара азыҳәан аус еицаауроуп», — иҩит Гебреисус.

Иацы Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедром Аданом Гебреисуси ҭелла еиҿцәажәеит.