Агәабзиара адунеитә еиҿкаара адиректор хада Гьаргь Гахариа ҭелла диацәажәеит
Агәабзиара адунеитә еиҿкаара адиректор хада Гьаргь Гахариа ҭелла диацәажәеит

Қырҭтәыла Аҧыза-министр Гьаргь Гахариеи Агәабзаиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор Тедрос Аданом Гебреисуси ҭелла еицәажәеит.

Аганқәа рхаҭарнакцәа апандемиа иадҳалоу аҭагылазаашьеи, аепидемиа аҿагылара апроцесс аҿы Қырҭтәыла аиҳабыра қәҿиарала имҩаҧырго ауснагӡатәқәеи, Қырҭтәыла излауа ала ирласны акоронавирус аҽыхьчаратә лаҵа аҟаҵара иалагарц азыҳәан Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара атәыла иазаанарҧшуа адгылареи иалацәажәеит.

Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор ибзианы дахцәажәеит авирус аларҵәара апревенциа раҧхьатәи аетапи, иара убас, аҩбатәи ацәқырҧа аан аинфекциа аларҵәара аанкылареи ачымазаҩцәа рхылаҧшреи азы Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧыргаз аусура.

Хшыҩзышьҭра рызун агоспитальтә сектор аҿы аҭагылазаашьеи, аклиникатә сасааирҭақәа рроли, ачымазаҩцәа аҩны рхәышәтәра апроцесс аҿы раҧхьатәи агәабзиарахьчара инанагӡо ароли. Иаҵшьны иазгәаҭан аинтенсивтә терапиа апрограмма аҵакы авирус ҿызкааз ауаа иаамҭаны раарҧшреи аинфекциа аларҵәара аанкылареи апроцесс аҿы.

Аганқәа рхаҭарнакцәа адунеи аҿы аковидвакцинациа апроцесс алагареи, Қырҭтәылаҟа иаамҭаны авакциана аагареи аинфраструктуратәи алогистикатәи зҵаарақәа рыӡбареи ахырхарҭала активла аус зуа акомиссиа ҷыда аусушьеи иалацәажәеит. Даҽазнык иаҵшьны иазгәаҭан COVAX аплатформа инаваргыланы, жәларбжьаратәи апартниорцәеи авакцина ҟазҵо аилахәырақәеи рҟны активла аиҿцәажәарақәа шымҩаҧысуа. Ари апроцесс иалахәып Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрреи аҳәаанырцә иҟоу Қырҭтәыла адипломатиатә миссиақәеи. Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара агенералтә директор ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла авакцина раҧхьатәи адозақәа излауа ала ирласны аиурц азыҳәан, зыӡбахәы ҳәоу аиҿкаара авакцина аиура иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы Қырҭтәыла ацхраара иазыхиоуп.

Аиҧылараҿы ишазгәаҭаз ала, Қырҭтәылеи Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаареи қәҿиарала аус шеицыруа шьақәнарҕәҕәоит Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаара европатәи арегионалтә биуро адиректор Қырҭтәыла ивизитгьы.

Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, Қырҭтәыла ҳаҧхьаҟагьы Агәабзиарахьчара адунеизегьтәи аиҿкаараҟны аусеицура нанагӡоит акоронавирус ахылаҧшра апроцесси, иара убас, агәабзиарахьчара аусхкы аҿы ареформақәа рымҩаҧгареи ахырхарҭала.