Афранцыз делегациа анапхгаҩы  – Иахьа ҳара НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс ҳалацәажәоит, избанзар Қырҭтәыла  – Амшын еиқәа арегион иаҵанакәа тәылоуп, ҳстратегиатә партниоруп
Афранцыз делегациа анапхгаҩы  – Иахьа ҳара НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс ҳалацәажәоит, избанзар Қырҭтәыла  – Амшын еиқәа арегион иаҵанакәа тәылоуп, ҳстратегиатә партниоруп

Қырҭтәыла Амшын еиқәа ашәарҭадаразы зҵакы дуу тәылоуп.  Аҳәынҭқаррақәа зегьы ашәарҭадара аиқәыршәара иалахәызароуп, избанзар, ҳара агәра ганы ҳаҟазароуп аҕбақәа рныҟәареи аекономикатә усуреи ҧырхага шамоуа, – илҳәеит НАТО Апарламенттә Ассамблеиаҿы Франциа аделегациа анапхгаҩы  Анн Женет Мадрид ақырҭуа делегациа алахәылацәа данырҧыла ашьҭахь.

«Агәра ганы сыҟоуп Анаклиатәи абаҕәаза хымҧада ишыргылатәу. Уи Қырҭтәылеи,   инеизакны арегиони рзы аҵакы ду амоуп. Иахьа ҳара НАТО ашҟа Қырҭтәыла алалара апроцесс ҳалацәажәоит. Избан Қырҭтәыла? Избанзар Қырҭтәыла  – Амшын еиқәа арегион иаҵанакәа тәылоуп, ҳстратегиатә партниоруп. Иахьа аҭагылазаашьа злаҟо ала, Амшын еиқәа ашәарҭадара аҵакы ду амоуп, уи европатәи аконтинент ашәарҭадара ауп иаанаго. Ҳмилаҭтә ҵакырадгьылқәа шыҳахьчаша ҳалацәажәеит. Иара убас, азеиҧш азыҟаҵарақәа рымҩаҧгареи ҳпартниорра аҕәҕәареи ҳазааҭгылеит», —  илҳәеит афранцыз делегациа анапхгаҩы.