Афымцазы ахархәаратә тариф азҳаит 5 ҭеҭри рыла 
Афымцазы ахархәаратә тариф азҳаит 5 ҭеҭри рыла 

Афымцазы ахархәаратә тариф азҳаит 5 ҭеҭри рыла,  акоммерциатә тариф  — на 5–6 ҭеҭри рыла. Ари атәы еилкаахеит Қырҭтәыла аенергетикеи аӡылеиқәыршәареи рзы амилаҭатә комиссиа аилатәараҿы.

Атариф ҿыцқәа амч роуеит мшаҧы 1 инаркны.

Лымкаала,  Қарҭ инхо, есымза   101 кВт⋅сааҭ еиҳаны  афымца зхы иазырхәо абонентцәа  мшаҧы 1 инаркны киловватк азы  15,041 ҭеҭри ацынхәрас,   20,041 ҭеҭри ашәара рықәшәоит.

Уажәазы ахархәаратә тарифқәа абас иҟоуп:

Қарҭ:

  • 0–101 кВт⋅сааҭ  (абзазаратә обонентцәа) — 15,041 ҭеҭри;
  • 101–301 кВт⋅сааҭ  — 19,053 ҭеҭри;
  • 301 кВт⋅сааҭ еиҳаны  (абзазаратә) — 23,537 ҭеҭри.

Арегионқәа:

  • 0–101 кВт⋅сааҭ (абзазаратә обонентцәа) — 14,731 ҭеҭри;
  • 101–301 кВт⋅сааҭ (абзазаратә) — 18,708 ҭеҭри;
  • 301 кВт⋅сааҭ еиҳаны  (абзазаратә) — 23,227 ҭеҭри.