Афинансқәа рминистрра Украина Аҧшыхәаратә маҵзура аҳәамҭазы аҭак ҟанаҵеит
Афинансқәа рминистрра Украина Аҧшыхәаратә маҵзуреи Украина авице-аҧыза Ирина Верешуки иҟарҵаз аҳәамҭазы аҭак ҟанаҵеит. Зыӡбахәы ҳәоу аҳәамҭа иануп Қырҭтәыла анапхгара Урыстәылаҟны еиқәшаҳаҭхазшәа асанкциақәа ирыҵанакәа атауарқәа Қырҭтәыла аҵакырадгьыл иалганы Урыстәылаҟа анагаразы. Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрраҿы ишаарыцҳаз ала, абри ахарадҵара ииашам, изакәызаалак шьаҭак аҵам.
«Жәларбжьаратәи аиҩызара Урыстәыла иаҿагыланы асанкциақәа анышьақәдыргыла раҧхьатәи амш инаркны, Қырҭтәыла, агәаҭара-аушьҭратә пунктқәа зегьы рҿы амониторинг мҩаҧнагоит атәылаҟа иаагоу, иара убас, атәыла иалгоу атауарқәа рзы.
Қырҭтәыла афинансқәа рминистрра, аҭакҧхықәра наӡа ахы иадҵаны, аанацҳауеит атәыла анапхгара асанкциатә сиаҿы иарбоу атауарқәа зегьы рзы ахазалхратә пункқәа рҿы ахылаҧшра шдырҕәҕәаз.
Иара убас, иаҵшьны иазгәаҭатәуп, жәларбжьаратәи ҳпартниорцәа ари азы аинформациа наӡа шрымоу.
Қырҭтәыла, наҟ-наҟгьы, ари ахырхарҭала ахылаҧшра арҕәҕәареи апартниорцәа рҟны аинформациа аиҭныҧсахлареи нанагӡоит», — иануп Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра аҳәамҭаҿы.