Афинансқәа рминистрра - Абиуџьет аартызаара аиндекс аҿы Қырҭтәыла, инагӡаны иаарту атәылақәа рыбжьара, ҧасеиҧш, актәи аҭыҧ ааннакылоит
Абиуџьет аартызаара аиндекс (Open Budget Index 2023) аҿы Қырҭтәыла, инагӡаны иаарту 125 атәылақәа рыбжьара, ҧасеиҧш, актәи аҭыҧ ааннакылоит. Ари аинформациа аланарҵәеит Қырҭтәыла Афинансқәа рминистрра.
Аминистрра адыррала, Абиуџьет аартызаара аиндекс, иара убас, иҳәаақәнаҵоит абиуџьеттә хылаҧшреи атәылауаа рылахәызаареи аҩаӡарагьы, Қырҭтәыла араагьы, 125 ҳәынҭқарра рыбжьара 5-тәи аҭыҧ ааннакылоит.
Абиуџьет аартызаара – 87 абаллқәа ( 100 рҟынтә); абиуџьеттә хылаҧшра – 83 абаллқәа (100 рҟынтә); атәылауаа рылахәызаара – 44 абаллқәа ( 100 рҟынтә).
«2021 шықәсазы имҩаҧгаз аҭҵаарақәа ирҿаҳарҧшыр, абиуџьеттә хылаҧшра ахырхарҭала апрогресс ду иҟоуп. Ареитинг азҳаит 74 апункт аҟынтә 83-тәи апункт аҟынӡа, Қырҭтәыла 21-тәи аҭыҧ аҟынтә 5-тәи аҭыҧахь ииасит. Қырҭтәыла абиуџьет аартызаара ахырхарҭала ақәҿиара ду амоуп. 2012 шықәса инаркны Қырҭтәыла иҧку аартызаара ахьыҟоу атәылақәа ргәыҧ иалҵны, 2017 шықәсазы аартызаара наӡа змоу атәылақәа ргәыҧ иалалеит», — иануп Афинансқәа рминистрра аинформациаҿы.