Афиналаҿ Қырҭтәыла иӡаху аформақәа рыла  - «Аҷара Текстиль» Франциа аизга аформақәа рыла еиқәнаршәеит #1TVSPORT
Афиналаҿ Қырҭтәыла иӡаху аформақәа рыла  - «Аҷара Текстиль» Франциа аизга аформақәа рыла еиқәнаршәеит #1TVSPORT

«Ашьапылампыл азы адунеи ачемпионат афинал ашҟа ииасыз  Франциа аизга алахәылацәа Қырҭтәыла иӡаху аформақәа рышәҵаны  ихәмаруеит», — асоциалтә аҳаҿы ари атәы иҩит агентра  «Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ» анапхгаҩы  Михаил Хидурели.

«Даҽа ажәабжь бзиак шәасҳәоит. Адунеи ачемпион, Франциа аизга Ҟатар имҩаҧысуа ачемпиоантаҿ ихәмаруеит  «Аҷара  Текстиль» аҿы иӡаху аформақәа рыла, ари аилахәыра  «Иҟаҵа Қырҭтәылаҿ» абенефицарцәа иреиуп.  Ақырҭуа форма зшәу Франциа аизга афиналаҿ ақәҿиара азеиҕьаҳшьоит», — иҩит  Михаил Хидурели.

Иара убас, иазгәаҭатәуп, Италиа аизгагьы    2012-и 2016-и шықәсқәа рзтәи Европа ачемпионатаҿ  «Аҷара Тектил»  аформақәа рыла ишыхәмаруаз. 2018 шықәсатәи адунеи ачемпионат афиналаҿ Хорватиа аизга алахәылацәагьы аҷаратәи аалыҵ ршәын.