Аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи ирџьбароу аҧкрақәеи ирыдҳәаланы, жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа рхаҭарнакцәеи адонорцәеи рҟны аиҧылара мҩаҧысит
Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьеи абҵара 28 инаркны амч зауз ирџьбароу аҧкрақәеи, атәылауааи абизнеси рыцхраара иазку асоциалтә пакети, авакцинациа апроцесс азы аҽазыҟаҵареи иалацәажәеит авице-аҧыза Маиа Цқьитишвили лнапхгарала онлаин аформатла жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа рхаҭарнакцәеи адонорцәеи рҟны имҩаҧгаз аиҧылараҿы.
Авидеоконференциа рхы аладырхәит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рминистр Наҭиа Турнавеи, агәабзиарахьчара аминистр лхаҭыҧуаҩ Ҭамар Габуниеи, Ачымазарақәа рхылаҧшреи ауаажәларратә гәабзиареи ацентр анапхгаҩы Амиран Гамҟрелиӡеи. Ауснагӡатә алахәылацәа Қырҭтәыла аепидемиологиатә ҭагылазаашьа ахылаҧшра иазку апланқәеи урҭ ирыдҳәалоу агәыҕрақәеи ирылацәажәеит.
Аиҳабыра алахәылацәа жәларбжьаратәи апартниорцәа ирзеиҭарҳәеит аиҳабыра ауааҧсыреи абизнеси ирыдаргало акомпенсациатә пакет иазкны.
Иаҵшьны иазгәаҭан апандемиа аан адонорцәеи жәларбжьаратәи афинанстә институтқәеи рроль.
Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа, ҳаҧхьаҟа аусеицурагьы иалацәажәеит, уи авакцинациа азы аҽазыҟаҵареи, иара убас, апандемиа иахылҵыз аглобалтә кризис ашьҭахь ирласӡаны аекономика аиҭашьақәыргылареи иазкызаауеит.
Жәларбжьаратәи афинанстә институтқәа рхаҭарнакцәа ишьақәдырҕәҕәеит ҳаҧхьаҟагьы Қырҭтәыла ишацхраауа.
Аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла иҟоу Германтәыла ацҳаражәҳәаҩ Ҳуберт Қнирши, Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ ибжьагаҩ Жулиен Қрампси, Европатәи аинвестициатә банк арегионалтә директор Мачие Чуреи, Азиатәи аҿиара абанк арегионалтә директор Шеин Розентали, Адунеи абанк арегионалтә директор Себастиан Молинеуси, Аҿиареи аиҭашьақәыргылареи Европатәи абанк арегионалтә директор Катарина Биорлин Ҳансени, Жәларбжьаратәи авалиутатә фонд арегионалтә директор Селим Чакири, Қырҭтәыла иҟоу ЕАР еснагьтәи акоординатор Сабине Махлии.