Аемиграциантә ихынҳәуа 88-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа агрантқәа роуеит
Аемиграциантә ихынҳәуа 88-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа агрантқәа роуеит

Ахҵәацәа рагентра аинформациа ала, аемиграциантә ихынҳәуа 88-ҩык Қырҭтәыла атәылауаа агрантқәа роуеит.

Ихынҳәуа амигрантцәа рреинтеграциазы ацхыраара аҳәынҭқарратә программа Қырҭтәылa импыҵaхaлоу aтерриториaқәa рҟынтә ихҵәоу aуaaҧсыреи, aџьеи, aгәaбзиaреи, aсоциaлтә хьчaреи рминистрра иаҵанакуа Ахҵәацәа рагентра мҩаԥнагоит. Уи хықәкыс амоуп ареинтеграциа ампроцесс адгылара. Апрограмма алахәылацәа аусзура алагара ма арҭбааразы иаҭаху атехникеи аинвентари рхала иалырхуеит.

Агрант зауа аԥсадгьыл ахь ихынҳәуа амигрантцәа рсиа агентра авебдаҟьа ианылеит.