Аекономикатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Америка аделегациа, Азербаиџьан анапхгара рҟны 8 миллиард адоллар азы аиқәшаҳаҭра рыдыркылеит 

19:39, 02.06.2026

Аекономикатә усеицура аҳәаақәа ирҭагӡаны, Америка аделегациа, Азербаиџьан анапхгара рҟны  8  миллиард адоллар азы аиқәшаҳаҭрақәа рыдыркылеит. Раҧхьатәи азербаиџьан-америкатә аекономикатә диалог алҵшәақәа ирызкны Бақәа имҩаҧгаз абрифинг аҿы ари атәы ааицҳаит Америка аган аҟынтә аусуратә гәыҧ аицхантәаҩцәа иреиу, Европеи Евразиеи рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ ихаҭыҧуаҩ Калеб Орр.

Иара иажәақәа рыла, Америкеи Азербаиџьани рекономикатә усеицураҿы  аетап ҿыц иалагоит.

Америка ахаҭарнак иҳәамҭала, аганқәа, арегионалтә ҭынчреи, аенергетикатә шәарҭадареи, ахәаахәҭреи, аҧхьаӡацтә инфраструктуреи аусхкқәа рҿы аимадарақәа рырҭбаара ргәы иҭоуп.

Калеб Орр ишазгәеиҭаза ала, америкатә делегациа Бақәа ианыҟаз,  SOCAR-и Америка хазхаҭалатәи асектори, иара убас,  SOCAR-и Азербаиџьан Аекономика аминистрреи америкатә агани   8 миллиард адоллар рзы акоммерциатә  аиқәшаҳаҭрақәа рыбжьарҵеит.

«Америкеи Азербаиџьани реизыҟазаашьақәа аҿиара иаҿуп. Иахьа ижәбо зегьы алагамҭа мацароуп», — иҳәеит  Калеб Орр.

Еиԥшу